АҞӘА, ԥхынгәы 15 – Sputnik. Азиаԥхьатәи ацгәаԥс Ачыԥсы Кавказтәи аҳәырԥсарра аҵакыраҟны абнахь иоушьҭуп. Абри атәы аанацҳауеит Шәачатәи амилаҭтә парк апресс-маҵзура.
"Кавказ алеопарджәла аиҭашьақәыргылара Ацентр" аҿы ииуа ацгәабқәеи ацгәаԥсқәеи шьаҿа-шьаҿала иалдыршуеит азиаԥхьатәи алеопарджәлақәа Кавказ реиҭашьақәыргылара. Кавказ ашьхараҿы ацгәқәа реиқәырхаразы иҳалшо зегьы ҟаҳҵароуп: Ацентр ҳацхраароуп, ашьхара аекосистема еиқәырхатәуп. Абарҭ азҵаарақәа зегьы хәыҷы-хәыҷла аӡбра ҳаҿуп",- иҳәеит Урыстәыла Аԥсабарахьчаразы аминистр Александр Козлов.
Аҵарауаа абнацыгәқәа ирышьклаԥшлоит ирырҭо амикро-чипқәа ирыбзоураны, урҭ рыла еилыркаалоит агыгшәыгқәа ахьыҟоу, насгьы ишәарыцо ма рыԥсы ршьо. Арҭ адыррақәа аҭҵаара ус аҿы ихымԥадатәиуп. Агыгшәыгқәа рхала ишәарыцоит, аԥстәқәа ауаҩытәыҩсеи аҩнытә ԥсаатәқәеи рганахьала ареакциа бзиа рымоуп. Кавказ ашьхақәа рыԥсабарахь аушьҭра иазыҟаҵоуп.
Азиаԥхьатәи абнацгәқәа рыжәла Кавказ аиҭашьақәыргылараз апрограмма хацыркын 2009 шықәсазы Владимир Путин иаԥшьгарала. Азиаԥхьатәи алеопардқәа Урыстәылатәи Афедерациа Ашәҟәы ҟаԥшь иануп актәи акатегориа аҳасабала.
Раԥхьатәи алеопардқәа аԥсабарахь иоушьҭын 2016 шықәсазы, зынӡа 13 бнацгәы абнарахь иоушьҭын. Апрограмма анагӡаразы 15-20 шықәса аҭаххоит.