Урыстәыла

Актриса Джеин Биркин лыԥсҭазаара далҵит

Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 16 – Sputnik. Ашәаҳәаҩ, франциатәии британиатәии акино актриса Джеин Биркин 76 шықәса дшырҭагылаз лыԥсҭазаара далҵит, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости франциатәи аканал BFMTV адыррақәа шьаҭас иганы.
BFMTV адыррақәа рыла, Джеин Биркин 76 шықәса дшырҭагылаз лыԥсҭазаара далҵит.
Джеин Биркин ихадамыз арольқәа налыгӡон Микеланџьело Антониони ифильмқәа "Калейдоскоп", "Фотоувеличение" рҟны. Адунеи аҟны деицырдыруа дҟалеит франциатәи ашәаҳәаҩ, актиор, акинорежиссиор Серж Генсбур даницынхоз. Ифильм "Я тебя люблю… Я тебя тоже нет" аҟны лыҽҭылхит. Сержи Джеини рыԥҳа- актриса ашәаҳәаҩ Шарлотта Генсбур.