Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Кәарҷиаԥҳаи Миқааԥҳаи Аҟәа ахәыҷбаҳчақәа рҿы аҭагылазаашьа иазкны

Sputnik
Ирацәаҩхома сынтәа раԥхьаӡа акәны ахәыҷбаҳчахь ицо ахәыҷқәа, изеиԥшрои урҭ рылшарақәа, ҭыԥла еиқәшәома, рыфатә - рыжәтә акәзар шаҟа азоужьуи, абарҭи егьырҭ азҵаарақәеи арадио Sputnik астудиаҿы ирылацәажәеит Аҟәа ақалақь ахадара аҵараусбарҭа аспециалист хада Аза Кәарҷиаԥҳаи аҳҭнықалақь ахәыҷбаҳча “Ажәҵыс” аиҳабы Шьазина Миқааԥҳаи.
Инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.