Аԥсны

Ашьхахыҵырҭа Пыв аҿы асовет еибашьцәа рбаҟа аргылара лассы иалгоит

Абаҟа 2040 метра амшынаҟынтәи аҳаракыраҿы иқәгылоуп, аура 90 сантиметр иҟоуп, аҭбаара - 175 сантиметр.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 17 - Sputnik. Ашьхахыҵырҭа Пыв аҿы 1942-1943 шықәсқәа рзы ара иҭахаз асовет еибашьцәа рбаҟа аиҭашьақәыргылара лассы ихыркәшахоит ҳәа аанацҳауеит акультуратә фонд "Платформа" апресс-маҵзура.
Ашьхахыҵырҭа Пыв аҿы асовет еибашьцәа рбаҟа аргылара лассы иалгоит
Асовет еибашьцәа рбаҟа дыргылоит Кавказ азы аибашьраҿ аиааира 80 шықәса ахыҵра иазку аҭоурых-аибашьра-патриоттә проект "Кавказтәи афронт" аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Аԥхьанатә иӡбан ажәытә баҟа аиҭашьақәыргылара, аха нас уи рҿыцны иргылазар еиӷьуп ҳәа иазырыԥхьаӡеит. Абаҟа аартра нанҳәа 24 рзы иазԥхьагәаҭоуп. Аусурақәа мҩаԥыргоит акультуратә фонд "Платформа" аԥшьгаратә гәыԥ, Приволжие иҟоу Аԥсны аҳаҭыр консул Владимир Литвинчук идгыларала.
Акультуратә фонд "Платформа" апроект "Кавказтәи афронт" 2021 шықәса ԥхынҷкәынмзазы иӡырган. Кавказ азы аибашьра 80 шықәса ахыҵра иазкуп. Апроект хықәкы хадас иамоуп аҿар рпатриоттә ааӡара, аҭоурых аҭҵаара аларҵәара.