Урыстәыла

Атеррористҿагыларатә еилакы Ҟрымтәи ацҳа ажәлара террористтә актуп ҳәа ахнаҳәааит

Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 17-Sputnik. Амилаҭтә атеррорҿагыларатә еилакы (АҾЕ) Ҟрымтәи ацҳа ажәлара террористтә актуп ҳәа ахнаҳәааит.
Иазгәаҭоуп Киев ажәылара мҩаԥнагеит арныҟәгаҩ дызҭам аӡхыхьтә аппаратқәа ҩба рыла ԥхынгәы 17 асааҭ 3.05 рзы ҳәа.
Урыстәыла Ашьаусҭҵааратә еилакы ашьаус хацнаркит Ҟрымтәи ацҳа ааха аҭара ахҭыс аганахьала УА АЗ ахәҭаҷ 205 иазԥхьагәанаҭо цәгьоуроуп ҳәа (Атеррористтә акт). Ишьақәдыргылоит атеракт аиҿкаара иалахәызар зылшо украинатәи амаҵзура ҷыдақәеи арратә еиҿкаарақәеи русзуҩцәа рхаҭарақәа.