Аԥсны

Ауаҩы дҭахеит Гагра иҟалаз амҩатә машәыр аан

"Ладеи" "Камази" анеиҿас, аӡәы дҭахеит, хҩык ахәрақәа роуит.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 17 – Sputnik. Гагра араион Ԥсахара ақыҭан иҟалаз амҩатә машәыр аан ауаҩы дҭахеит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны АҶА.
Амҩаду аҿы "Ладеи" "Камази" еиҿасит ҳәа АҶА аҷаԥшьарҭахь адырра ҟалеит ашәахьа, ԥхынгәы 17 асааҭ 09:45 рзы.
Амҩатә машәыр аан ааха зауз хҩык АҶА аусзуҩцәа автомашьынақәа ирҭыганы Гагратәи араионтә хәышәтәырҭахь инаргеит.