Арадио

Басариа: ақыҭа аныҟам ақалақьгьы зыҟалом, изҿиом

Sputnik
Очамчыра араион Лашькьындар инхо Реваз Басариа арадио Sputnik аефир аҟны адырраҭара "Ақыҭа-нхарҭа ҭыԥуп" аҿы еиҭеиҳәеит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан инхараҟны ишԥхьоз иара дназлаз аԥсадгьыл ахьчаҩцәа, ампыҵахалаҩцәа уи ҟәыбаса ишкарыжьыз, аибашьра анаҩс рџьынџь ахь ихынҳәны иҭаацәеи иареи шынхаз, дазааҭгылеит иахьа ақыҭаҟны рхы шныҟәырго, рнапы злаку, иҳәеит гәҭакыс имоу, ақыҭақәа реиқәырхара хадаратәны изиԥхьаӡо атәы.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы хыхь.
Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп. Ақыҭа иахьатәи аԥсҭазаашьеи уаҵәтәи аԥеиԥши, иацу адоуҳаи, иҟоу ауадаҩрақәеи ҳрылацәажәоит. Аԥсуа қыҭа азхьаԥшразы иҟаҵатәу азы ргәаанагара рҳәоит уи иадҳәалоу ауаа.