Арадио

Бганԥҳа Гагра агуманитартә пункт азы: аусура иалагаанӡагьы афатә ааргон, аԥара аарышьҭуан

Гагра араион аҿы ԥхынгәы 17 инаркны аусура иалагоит аԥсабаратә рыцҳара зкьысыз рзы агуманитартә цхыраара ахьеизырго апункт. Араион акультура аҟәша аиҳабы Мадина Бганԥҳа арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит ауааԥсыра инаргарц рылшо, насгьы агуманитартә еидара шеихшахо атәы.
Sputnik
Мадина Бганԥҳа аиҿцәажәараҿы илҳәеит аӡхыҵра аԥхасҭа ӷәӷәа шырнаҭаз хыԥхьаӡара рацәала ауааԥсыра. Агуманитартә цхыраара аизгара аус араион анапхгара ираԥшьгамҭоуп ҳәа азгәалҭеит лара.
"Апункт аартхаанӡагьы афатә аазгаз дҟалеит. Урыстәылантәи аԥара аазышьҭыз дҟалеит. Уи даара угәы ҭнагоит. Амаҭәа, афатә, аҩнымаҭәахә – ари зегьы ҳадаҳкылоит. Изыхәаша рацәаҩуп. Асиақәа еиҿкаауп, доусы ииҭаху изнагахоит", - ҳәа лҳәеит Бганԥҳа.
Инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ԥхынгәы 9 рзы Гагра араион аҿы ақәаршҩы ӷәӷәа леит. Зқьы инареиҳаны аҩнқәа аӡы рыҵалеит, амҩадуқәеи аихамҩеи ааха рынаҭеит, араион ауааԥсыра ӡыдеи лашарадеи инхеит. Атәыла ахада инапынҵала иаԥҵоуп аԥсабаратә рыцҳара ахҟьаԥҟьақәа раԥыхразы ареспубликатә штаб.