Урыстәыла

Керчтәи аӡыбжьахалала апарантә еимадара хацдыркит

Аӡыбжьахалала аныҟәаразы хә-паранки адесант ӷбақәа ҩбеи ықәыргылоуп.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 17 - Sputnik. Керчтәи аӡыбжьахалала апарантә еимадара хацдыркит ҳәа аанацҳауеит амшынтәии аӡытәии транспорт Афедералтә маҵзура.
"Керчтәи аӡыбжьахалала апарантә еимадара хацдыркит асааҭ 10:00 инаркны. Аӷбаныҟәаразы агидрометеорологиатә ҭагылазаашьа маншәалоуп", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.
Краснодартәи атәылаҿацә аоперштаб адырра ҟанаҵоит раԥхьатәи апассаџьырцәа абаӷәаза Кавказ аҟынтә Керчҟа амҩа ишықәлаз. Макьаназы апаранқәа рхы иадырхәоит ареистә автобусқәа рыла иҟаз апассаџьырцәа.
Уаанӡа адәыӷбақәа рныҟәара хацдыркхьан. Адәыӷба "Симферополь-Москва" Краснодартәи атәылаҿацә ахь амҩа иқәуп, аха иҟоуп иааныркылогьы. Зхатә транспорт ала ицо Ҟрым ауааԥсыреи асасцәеи рахь аҳәара ҟарҵоит арегион ҿыцқәа ирылсны даҽа маршрутк рхы иадырхәарц. Аус руеит аушьҭырҭақәа хԥа: Армианск, Џьанкои, Перекоп. Амаршрут Таганрог, Новоазовск, Мариуполь, Бердианск, Мелитополь ирылсуеит.
Урыстәыла
Атеррористҿагыларатә еилакы Ҟрымтәи ацҳа ажәлара террористтә актуп ҳәа ахнаҳәааит