Урыстәыла

Хуснуллин иҳәеит Ҟрымтәи ацҳаҿы автомашьынамҩа аусура ҩаԥхьа ианалаго

Атеракт иалҵшәаны ацҳа ахәҭақәа руак ԥҽит, уи аиҭашьақәыргылара залшом, даҽа хәҭак аԥхасҭа аҭоуп, аха уи зықәгылоу ашьаҟа еиқәшәоуп.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 17 - Sputnik. Ҟрымтәи ацҳаҿы амашьынақәа рныҟәара хацыркхоит ареверсивтә цәаҳәала ҳәа Урыстәыла ахада Владимир Путин иеиҳәеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Марат Хуснуллин.
Иара иазгәеиҭеит амашьына ласқәа рзы уаха ҵхыбжьон амҩа аартхоит, зегь маншәаланы имҩаԥысыр, иаҳа зыкапан дуу, хә-тоннак рҟынӡа иҟоу амашьынақәа дәықәырҵоит.
Урыстәыла
Путин аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәыла Ҟрымтәи ацҳа иажәлаз шахьнархәуа
Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ иазгәеиҭеит ганк ала ҩ-хырхарҭактәи аныҟәара хацдыркуеит цәыббра 15 рзы, егьи аган ала - абҵарамзазы.
Иҟалаз аԥхасҭа атәы ҳәо, Хуснуллин иазгәеиҭеит Керч аганахьала ацҳа ахәҭа зынӡаск ишыԥҽу, уи шузеиҭашьақәмыргыло, шьаҭанкыла еимырхыр шакәу.
Уажәазы Ҟрымтәи ацҳазы аметаллтә конструкциақәа рыҟаҵара иалагахьеит, атехнологиақәа шьақәдырӷәӷәахьеит. Ацҳа аиҭашьақәыргыларазы аамҭалатәи ацҳа дыргылоит.
Урыстәыла
Атеррористҿагыларатә еилакы Ҟрымтәи ацҳа ажәлара террористтә актуп ҳәа ахнаҳәааит