АҞӘА, ԥхынгәы 17 – Sputnik. Ҟрымтәи ацҳаҿы иҟалаз атеракт аан ахәрақәа зауз аӡӷаб лыԥсҭазаара акгьы аԥырхагам, абри атәы л-Telegram-канал аҿы илҳәеит Краснодартәи атәылаҿацә агубернатор ихаҭыԥуаҩ Анна Минькова.
"Иаха Ҟрымтәи ацҳаҿы иҟалаз ахҭыс аан ааха лоуит зықәра намӡац аӡӷаб. Лара еиуеиԥшым ахәрақәа лыманы Темриуктәи араионтә хәышәтәырҭа хадахьы днаргеит лгәышԥы ааха аманы, лхыбаҩи лыхшыбаҩи иарку ааха рыманы, лҭагылазаашьа бжьаратәла иуадаҩны. Лара лхы лдыруеит, лхала лыԥсыԥ лалгаҩалгоит", - ҳәа лҩит лара.
Минькова иазгәалҭеит аҳақьымцәа еилацәажәаны лара наҟ-наҟтәи лыхәшәтәышьа шцаша шырыӡбо. Лҭагылазаашьа ҭышәынытәалахар, вертолиотла Ахәыҷтәы тәылаҿацәтә клиникатә хәышәтәырҭахь дыргоит.
Ҟрымтәи ацҳа иажәлеит ԥхынгәы 16-17 руха. Амилаҭтә атеррорҿагыларатә еилакы уи террористтә актуп ҳәа ахнаҳәааит.
Урыстәыла Ашьаусҭҵааратә еилакы ашьаус хацнаркит Ҟрымтәи ацҳа ааха аҭара ахҭыс аганахьала УА АЗ ахәҭаҷ 205 иазԥхьагәанаҭо цәгьоуроуп ҳәа (Атеррористтә акт). Ишьақәдыргылоит атеракт аиҿкаара иалахәызар зылшо украинатәи амаҵзура ҷыдақәеи арратә еиҿкаарақәеи русзуҩцәа рхаҭарақәа.