Арадио

Џьопуа еиҭеиҳәеит Аԥсны амшын аҟны имҩаԥгаз аекспедициа алҵшәақәа ртәы

Sputnik
Аԥсны адгьыл аҿы иҟоу археологиатә маҭәарқәа рнаҩсгьы аӡаҵа ихәыҵаҵәаху ыҟоуп. Амшын аҵа иҟоу амаҭәарқәа рыла археологиатә ԥшаахқәа ахьынӡабеиоу, ари аԥхын иарбан ҭҵаарақәоу имҩаԥгаз, имҩаԥыргараны иҟоу, аԥшаахқәа ирԥыхьашәаз, урҭ аамҭас изҵазкыр зылшо, излыху ртәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит археолог, Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеи аиҳабы Аркади Џьопуа.
Севастопольтәи аҳәынҭқарратә университет аусзуҩцәа, Урыстәыла аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иатәу Мрагылараҭҵаара аинститути Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи аҵарауааи ареспублика ақалақьқәа рӡымҽхак ҭырҵаауеит. Рашәарамзазы имҩаԥысуаз аекспедициа хықәкы хадас иаман Аԥсны аӡымҽхак аӡаҵа-археологиатә ԥшыхәра амҩаԥгара, ахыбрақәа рыԥшаара, урҭ рыҭҵаара, агеографиатә баҟа ҿыцқәа аҭҵаарадырра ралагалара.
Хышықәса ҵуеит Аԥсны аӡаҵатәи археологиа иаҵанакуа аԥшаарақәа мҩаԥысуеижьҭеи, аҟазацәа реиԥш иаҭахуп аамҭа иақәшәо аҭҵаагақәагьы ҳәа азгәеиҭеит археолог Аркади Џьопуа арадио аефир аҟны.
Амшын аҟны имҩаԥгаз археологиатә ԥшаарақәа раан иҟоуп абааиқәҵарақәа ахьырԥыхьашәаз, убасгьы Афон ҿыц иахьаҵанакуа ирыԥшааит Урыстәылатәи аимператортә флот иатәыз аӷба.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.