Урыстәыла

Путин аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәыла Ҟрымтәи ацҳа иажәлаз шахьнархәуа

Ҟрымтәи ацҳаҿы иҟалаз атеракт аан ҩыџьа ауаа ҭахеит, зықәра намӡац урҭ рыԥҳа ахәрақәа лоуит.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 17 - Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин Путин аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәыла Ҟрымтәи ацҳа иажәлаз шахьнархәуа.
"Хымԥада, аҭак ҟаҳҵоит. Урыстәылатәи Афедерациа Атәылахьчара аминистрра ажәалагалақәа азыҟарҵоит киевтәи арежим иҟанаҵаз атеракт иахьҳархәразы", - иҳәеит ахада.
Уи адагьы, АШәМи Ашьаусԥшааратә еилаки адҵа рыҭоуп иҟалаз шыҟалаз ҭырҵааразы.
"Ҟрымтәи ацҳаҿы ари аҩбатәи терактуп, убри ҳасаб азуны сара ари астратегиатә ҵак ду змоу атранспорттә обиект ашәарҭадара аиҿкааразы иҷыдоу ажәалагалақәа сырзыԥшуп", - иҳәеит Путин.
Атәыла ахада иҳәеит аибашьра аганахьала уахәаԥшуазар, ари ажәылара дара рзы хәарҭарак шаҵамыз, зҭаацәа ҭахаз ахәыҷы иахәҭоу ацхыраара зегьы лырҭарц адҵа ҟаиҵеит.