Урыстәыла

Ҟрымтәи ацҳаҟны ҩыџьа ауаа ҭахеит

Ҟрымтәи ацҳа аихамҩатә хәҭа ааха аҭоуп, ацҳа зку ашьаҟақәа ԥхасҭоуп ҳәа иҟоу аинформациа иашаӡам.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 17 - Sputnik. Ҟрымтәи ацҳаҟны иҟалаз аҭагылазаашьа ҷыдаан ҩыџьа ауаа ҭахеит ҳәа аанацҳауеит Краснодартәи атәылаҿацә Агәабзиарахьчара аминистрра.
Иара убасгьы зықәра намӡац аӡӷаб ахәышәтәырҭа ареанимациаҿ дышьҭоуп. Лҭагылазаашьа бжьаратәла иуадаҩуп, лхыбаҩи лыхшыбаҩи ааха рымоуп.
Урыстәыла Атранспорт аминистрра иазгәанаҭоит ацҳа Ҟрым аганахьала ааха шаҭаз. Иара аҭҵаараан иазгәарҭеит ашьаҟақәа кьыс шрымам. Адәыӷбақәа рныҟәара еиҭахацыркуп. Зхатә транспорт ала ицо Ҟрым ауааԥсыреи асасцәеи рахь аҳәара ҟарҵоит арегион ҿыцқәа ирылсны даҽа маршрутк рхы иадырхәарц.
Аусҭҵаара амҩаԥгаразы аҭыԥ ахь инеит агәыԥ ҷыда.