Аԥсны

Шықәсыбжак аҩнуҵҟа Гал араион абиуџьет иаланагалеит 30 миллион мааҭ ахатә хашәала

Гал араион абиуџьет дотациатәуп, ахарџьқәа рыхәҭак ареспубликатә биуџьет аҟынтәи ихырҩоит.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 17 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. 2023 шықәса актәи азбжа аҩнуҵҟа Гал араион абиуџьет иаланагалеит 31,1 миллион мааҭ ахатә хашәала иҳәеит араион ахадара афинанстә ҟәша аиҳабы Ҳаџьараҭ Аӡынба атәыла ахада араион аҿы имҩаԥигаз аилацәажәараҟны.
Аплан инақәыршәаны абиуџьет 21,7 миллион мааҭ аиур акәын. Ари аплан 143% рыла инагӡоуп.
Аӡынба иҳәеит ииасыз ашықәс абри аамҭахҵәаха иаҿырԥшны арҭ арбагақәа 8,5 миллион мааҭ рыла ишеиҳау. Аӡынба иазгәеиҭеит ажьырныҳәаахыс араион абиуџьет 90 миллион мааҭ ареспубликатә биуџьет аҟынтәи ишаланагалаз, аҳәынҭқарра ахада ирезервтә фонд аҟынтәи ироуз 200 000 мааҭгьы налаҵаны.
Абиуџьет аныхратә хәҭа 101,8% рыла инагӡоуп. Ишьақәырӷәӷәаз 115,2 миллион мааҭ рҟынтәи иныхуп 117,2 миллион. Аиҳарак аԥарақәа абиуџьеттә усзуҩцәа руалафахәы, араионтә уснагӡатәқәа, аматериалтә цхыраара ирзырхоуп.
Аԥсны араионқәеи ақалақьқәеи реиҿкаара
Аслан Бжьаниа Гал агәаны апарк аҿы аусурақәа шцо гәеиҭеит