Аԥсны

Тҟәарчал араион ахатәы биуџьет аплан ахыхь инагӡоуп

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ашәахьа ԥхынгәы 17 рзы Тҟәарчал араион аҿы аилацәажәара мҩаԥигеит.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 17 - Sputnik. Тҟәарчал араион ахатәы биуџьет 2023 шықәса азбжазтәи аплан ахыхь инагӡоуп 3% рыла, абри азы адырра ҟалҵеит араион ахадара афинанстә ҟәша аиҳабы Лиудмила Киселиова, Аслан Бжьаниа имҩаԥигаз аилацәажәараан.
Лара лажәақәа рыла, фымз рыла ахатәы рҳамҭақәа 16,9 миллион мааҭ ҟалеит планла иарбаз 16,4 миллион рҭыԥан.
Зынӡа араионтә биуџьет иаланагалеит 106,4 миллион мааҭ. Урҭ рахьтә 30 - дотациақәоуп, даҽа 59,2 миллион - ареспубликатә биуџьет аҟынтәи асубсидиақәа.
Фымз рыла абиуџьет иартәеит 107,6 миллион мааҭ, 87 миллион урҭ рахьтә ауалафахәы иазоужьын. Аиҿкаарақәа русзуҩцәа хәымз рзоуп изрырҭаз лҳәеит Кисилиова.