Аԥсны

Аӡхыҵраан аԥхасҭа зауз рзы агуманитартә цхыраара аизгарҭа ҭыԥқәа аадыртит

Аҟәеи Гагреи Аӡхыҵраан аԥхасҭа зауз рзы агуманитартә цхыраара еизыргоит Гагратәи абиблиотека хадаҿи Аҟәа ахадара аҿари аспорти русқәа рзы Аусбарҭа аофис аҿи.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 17 – Sputnik, Бадри Есиава. Ԥхынгәы 8-9 аухатәи аӡхыҵраан аԥхасҭа зауз рзы агуманитартә цхыраара аизгарҭа ҭыԥқәа аадыртит Аҟәеи Гагреи.
Гагра араион ахадара акультура аҟәша аиҳабы Мадина Бганԥҳа ишылҳәаз ала, ауаа ииасыз ахәашаахыс афатә-ажәтә аарго иалагахьан, иара убасгьы ацәамаҭәа.

"Ақыҭақәа рхадацәа еиҳа изызгәаҟуа рсиақәа рыҟаҵара иаҿуп. Дареи ҳареи ҳаиныруеит, иҳамоу-иҳамам атәы дҳардыруеит. Убас Бзыԥҭа ҭаацәарак рҿы ахәыҷқәа маҭәа рызнымхеит. Иахьа ахәыҷқәа рзы амаҭәа ҳзааргеит. Иааидкыланы, иаҳҭахым ҳәа акгьы ыҟам", - лҳәеит лара.

Гагра араион арыцҳара иақәшәаз ацхыраара рыҭаразы Урыстәыла атәылауаа ҩыџьа адкыларҭа ҭыԥ аусзуҩ ихсаалагахь аԥара ахырыԥхьаӡалеит. Аԥсны ауааԥсырагьы атәым гәырҩа ыҟам ҳәа иазыԥхьаӡаны инаргоит ахәмаргақәа, ахәыҷқәа рзы амаҭәа, ашьаҵа, ирацәоуп зынӡа иҿыцӡоу.
Арадио
Бганԥҳа Гагра агуманитартә пункт азы: аусура иалагаанӡагьы афатә ааргон, аԥара аарышьҭуан
Аӡхыҵраан аԥхасҭа зауз рзы агуманитартә цхыраара еизыргоит Аҟәа ахадара аҿари аспорти русқәа рзы Аусбарҭа аофис аҿгьы ( Академик Марр имҩ., 8). Асоциалтә ҳақәа рҿы ишырҳәо ала, адкыларҭатә ҭыԥқәа аус руеит асааҭ 10.00 инаркны 17.00 рҟынӡа. Ирыдыркылоит абзазаратә техника, иахьынӡалшо иҿыцу ма зхаҭабзиара ыҟоу амаҭәа, аргыларатә маҭәахәқәа, аҩнымаҭәа, ацәарҭамаҭәа, иԥхасҭамхо афатә уҳәа арыцҳара иақәшәаз ауаа ирҭаххаша зегьы.