АҞӘА, ԥхынгәы 18 – Sputnik. Аҳазалхратә ҭыԥ "Адлер" аҿы ирымырхит амарка "Business Royals" иаҵанакуа 1155 ҭоԥ асигареҭқәа. Абри атәы аанацҳауеит Краснодартәи аҳазалхырҭа иатәу Шәача ақалақь апресс-маҵзура.
Аконтрабандатә аалыҵ Аԥснынтәи иргон автомашьына ВАЗ 21102 ала, асигареҭқәа автомашьына ашәқәеи аидараҭаҵарҭаҿы абарбал цымхәраҿи ицәыҵаҵәахын.
Аконтрабандатә сигареҭқәа зықь ҭоԥк инареиҳаны Урыстәылеи Аԥсни рҳәааҿы ирымырхит
© Foto / пресс-служба Краснодарской таможни
Арныҟәцаҩ аҳазалхратә декларациа хаимырҭәааӡеит, Урыстәылаҟа аҭаҭын аалыҵ аиагаразы иҟоу аԥкрақәа ртәы жәдыруа ишәзымдыруа ҳәа азҵаара анирҭаз, издыруан ҳәа аҭак ҟаиҵеит.
Автомашьынеи аконтрабандатә аалыҵи имхуп, административтә зинеилагаразы ашьаус хацыркуп.