Аԥсны

Апауерлифтинг азы Аԥсны ачемпионат мҩаԥысит Аҟәа

Атурнир иалахәын 30-ҩык аспортсменцәа, урҭ аидара шьҭырхуан ишышьҭаз знык, иара убас ишышьҭоу изныкымкәа.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 18 - Sputnik. Апауерлифтинг азы Аԥсны ачемпионат мҩаԥысит Аҟәа, абри атәы аанацҳауеит Аҿари аспорти рзы аҳәынҭқарратә еилакы.
Уи иалахәын арԥарцәа реиԥш аҭыԥҳацәагьы. Алахәылацәа ақәратә категориақәа фбеи акапантә категориақәа 11-еи рыла еихшан.
Атурнир алҵшәақәа рыла "ахьы" иаиааит Шьазина Бганԥҳа, Аигиуль Кар, Наталиа Костарева, Сардар Ельмуродов, Сергеи Ухов, Константин Ермилов, Ҭемыр Џьынџьал, Сергеи Максимов, Асҭамыр Ӡкәиа, Арсен Мирзоев, Пиотр Стороженко, Николаи Стороженко, Мариа Книазева, Рамзан Делианиди, Степан Знаико, Давид Шьанаа, Никита Кондратиев, Максим Глашьенцов, Никита Сергеманов.
Араӡны иаиааит Витали Андронов, Андреи Давыденко, Алиас Адлеиба, Евгени Тапкин, Сергеи Ухов, Евгени Тапкин, Никита Сергеманов.

Ахԥатәи аҭыԥ ргеит Альпер Бабал, Валим Малегин, Рифат Кантемиров.