Анхаҩы иазгәеиҭеит сынтәа ақәоурақәа, аӡхыҵрақәа ирыхҟьаны ркарпыжә аҽаҩра аԥхасҭа шаиуз.
"Амшцәгьа ҳԥырхагахеит, 30-40 процент рҟынӡа ԥхасҭахеит уҳәартә иҟоуп", - иҳәеит Дарсалиа.
Иара иазгәеиҭеит акарпыжә ажәла цырак 7 мааҭк ишаԥсоу, 9 нызқь шьаҭа шеиҭарҳаз сынтәа.
Дарсалиа иажәақәа рыла, амшцәгьа ԥырхага рнаҭазаргьы, рџьабаа мыӡыртә иҟалоит, мышқәак рнаҩс акарпыжә ахыхра иалагоит. Анхацәа иаҳа ирзыфеидоуп аҭыԥ аҟны раарыхра аҭира.
"Ҳара аиҳарак аҩнынтәи иаҳҭиуеит. Аӡҩыбжьа акарпыжә аазрыхуа реиҳараҩык аҭыԥан ирҭиуеит. Ахәԥса акәзар, анҭыҵынтәи иаарго анырацәахалак, икаҳауеит. Уажәы макьана ирацәаӡам, аҭыԥантәи акарпыжә аиҳарак аныҟало нанҳәа 15-20 нахыс ауп. Ҳара аиҭаҳатә ҟаҳҵоит, уи ахәыҷы еиԥш иуааӡароуп. Аиҳараҩык адәаҟны иҟарҵоит, уи аныҟало, ахә каҳауеит", - иҳәеит Дарсалиа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.