Аԥсны

Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭа ацрыҵҳақәа реиҭашьақәыргыларазы хә-миллион мааҭ азоужьуп

Ацрыҵҳақәа Аинвестпрограммала ахәшәтәырҭа анеиҭашьақәдыргыла ашьҭахь, 2016 шықәсазы русура хацыркын.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 18 – Sputnik, Бадри Есиава. Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭа ацрыҵҳақәа реиҭашьақәыргыларазы хә-миллион мааҭ азоужьуп Гәдоуҭа араион абиуџьет аҟынтәи ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит араион асанитартә ҳақьым хада Инга Ҷанԥҳа.
"Идыргылазар аахыс шамахамзар ахархәара зҭам ахархәага шьаҭанкыла аиҭашьақәыргылароуп ҳазлацәажәо. Шәачантәи иааԥхьаз аҟазауаа иазгәарҭеит дара аханатә ииашамкәа ишеибыҭаз. Заанаҵтәи аԥара ҳшәахьеит. Хара имгакәа иаҳзаарышьҭроуп аобиект аескизтә проект" ҳәа лҳәеит лара.
Ҷанԥҳа лажәақәа рыла, ацрыҵӡқәа реизакырҭа ишиашоу адгьыл аҿы иргылан, уи анормақәа ирықәшәаӡом. Аиҭашьақәыргылара зҭаху рахь иаҵанакуеит аизакырҭақәа зықәдыргылаша абетонлыхқәа, анапхгараҭаратә ҭыԥ, аперсонал разыҟаҵара.
Аобиект иазԥхьагәанаҭоит амеханикатә, ахимиатә, абиологиатә рыцқьашьа хкқәа. Анардадаратә еиҿкаара аусурақәа зегьы СЕСи ахәышәтәырҭа анапхгареи рақәшаҳаҭра рымазароуп.
Арҭ ахархәагақәа Аинвестпрограммала ахәшәтәырҭа анеиҭашьақәдыргыла ашьҭахь, 2016 шықәсазы русура хацыркын. Арыцқьаратә ргыламҭақәа ииашамкәа русура иахҟьаны ацрыҵқәа ахәшәтәырҭа иаԥну аҵакырахь иқәлоит, Ҟәланырхәаҟа узго амҩала аӡиас Гәдоу иалалоит.