Аԥсны

Очамчыра араион алагалақәа рзы ашықәсыбжатә план ахԥатәи ахәҭоуп инагӡоу

Сынтәа абиуџьет азынамыгӡара мзызс иазыҟалеит акамшьиа акра ахьзалмыршахаз.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 18 – Sputnik. Очамчыра араион алагалақәа рзы 2023 шықәсазтәи ашықәсыбжатә план 33,8% рыла инагӡоуп ҳәа иҳәеит араион ахада Беслан Бигәаа атәыла ахада имҩаԥигаз аилацәажәараҟны.
Планла иарбаз 126,2 миллион рҟынтәи 42,6 миллион мааҭ роуит. Ари иззыԥшыз аасҭа 83,5 миллион рыла еиҵахеит.
"Сынтәа абиуџьет азынамыгӡара мзызс иазыҟалеит акамшьиа акра ахьзалмыршахаз. Аԥсыӡ аус адызуло аилахәырақәа фба: ИАЕ "Акамшьиа", ИАЕ "Аԥсныааглыхра", ИАЕ "Black Sea Fish", ИАЕ "Аԥсыӡ Бат и Бек", ИАЕ "Аҟәатәи аԥсыӡнхамҩа", ИАЕ "Дениз" аӡа рмоуӡеит", – иҳәеит иара.
2022-2023 ҭагалани аӡыни Аԥсны амшынӡқәа рҟны икын 6,5 нызқь тонна акамшьиа, 35 000 тонна ахьарбаз.