АҞӘА, ԥхынгәы 18 - Sputnik. Ҟрымтәи ацҳаҿы амашьынақәа рныҟәара хацыркхеит ҳәа иҩуеит Урыстәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Марат Хуснуллин Telegram-канал аҿы.
"Ҟрымтәи ацҳаҿы амашьынақәа рныҟәара хацыркхеит ареверсивтә цәаҳәала арыӷьарахьтәи ацәаҳәаҿы, Тамань-Керчь ахырхарҭахь. Атәыла ахада иҿаԥхьа ажәа шышьҭаҳҵаз аиԥш ацҳа аусура иалаҳаргеит аамҭа кьаҿла", - иҳәеит Марат Хуснуллин.
Хуснуллин иҳәеит ацҳаҿ аныҟәара аамҭалатәи асхема аус шадулоу, амашьынақәа аурышьҭаанӡа ацҳа ахьынӡаӷәӷәоу шгәарҭаз. Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ уаанӡа Урыстәыла ахада Владимир Путин изеиҭеиҳәахьан ацҳаҿ ҩ-хырхарҭактәи аныҟәара хацдыркуеит цәыббра 15 рзы, егьи аган ала – абҵарамзазы ҳәа.
Иҟалаз аԥхасҭа атәы ҳәо, Хуснуллин иазгәеиҭеит Керч аганахьала ацҳа ахәҭа зынӡаск ишыԥҽу, уи шузеиҭашьақәмыргыло, шьаҭанкыла еимырхыр шакәу. Аҽа ганк ԥҽуп аха ашьаҟақәа ирықәгылоуп. Ашьаҟақәа ԥырхага рымам.