Урыстәыла

Урыстәыла АШәМ аусзуҩцәа Иарославтәи аобласт аҟны атеракт аԥдырҟәҟәааит

Урыстәыла атәылауаҩԥҳәыс украинатәи амаҵзурақәа рзы аобласт аинфраструктуратә обиектқәа ирызку аинформациа еизылгон.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 18 – Sputnik. Урыстәыла Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура аусзуҩцәа Иарославтәи аобласт аҟны атеракт аԥдырҟәҟәааит ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Углич ақалақь аҿы даанкылан 36 шықәса зхыҵуаз Урыстәыла атәылауаҩԥҳәыс, украинатәи амаҵзурақәа рзы, Угличтәи ГЕС налаҵаны, аобласт аинфраструктуратә обиектқәа ирызкыз аинформациа еизызгоз.
Ашьаусҭҵаара хацыркуп УА АЗ ахәҭаҷқәа 30, 205 инарықәыршәаны ("Ацәгьоура аҽазырхиара", "Атеракт").