Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәыла атерактқәа ахьазыҟарҵоз аобиектқәа акымкәа ахьырхәратә аахақәа рырҭеит

Ԥхынгәы 16 - 17 рзы Киев Ҟрымтәи ацҳа иажәлеит, Урыстәыла ари терактуп ҳәа ахнаҳәааит.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 18 - Sputnik. Урыстәыла аганахьала Украина атерактқәа ахьазыҟарҵоз аобиектқәа ахьырхәратә ааха рнаҭеит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.

"Урыстәылатәи Афедерациа Арбџьармчқәа икылкаан ихысуа абџьар ахархәарала атерактқәа ахьазыҟарҵоз аобиектқәеи артҟәацгақәа ахьыҟарҵоз Одесса иахьаҵанакуа игылоу аӷбаремонттә зауади ахьырхәратә ааха рырҭеит", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Уи адагьы Николаеви Одессеи иахьрыҵанакуа иҟаз абылтәышьҭаҵарҭақәа ԥыржәеит, украинатәи ар рзы ирхиаз 70 000 тонна абылтәы шыҩнагылаз.
"Иазԥхьагәаҭаз ахықәкқәа зегь нагӡоуп. Арҭ аобиектқәа рҿы амцакрақәеи атҟәацрақәеи шыҟалаз азгәаҭоуп", - аҳәоит аусбарҭа адырраҿы.
Урыстәыла
Путин аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәыла Ҟрымтәи ацҳа иажәлаз шахьнархәуа
Купиансктәи ахырхарҭаҿы урыстәылатәи аруаа ҩ-километрак ԥхьаҟа ицеит. Ари аҭыԥ аҿы ааха рыҭоуп 103-тәи аҵакырадгьылхьчаратә бригада аџьаԥҳанышьҭаҵарҭақәа, иҭархоуп 65-ҩык асолдаҭцәа, акәылӡмашьынақәа ҩба, автомашьынақәа хԥа, арадиолокациатә станциа AN/TPQ-50.
Донецктәи ахырхарҭаҿы иаԥырҟәҟәаауп УАМ аруаа ржәыларақәа жәаҩа, 79-тәи ажәылара-десанттә бригада аџьаԥҳанышьҭаҵарҭа ԥжәоуп, иҭархоуп 400-ҩык украинатәи аибашьцәа, акәылӡмашьынақәа ҩба, апикапқәа хԥа, артиллериатә система М777, артиллериатә шьақәгылақәа "Krab" хԥа, артиллериатә шьақәгыла "Гвоздика", ҩ-гаубицак "МСТА-Б", ашьақәгылақәа Д-20, Д-30.
Краснолимантәи ахырхарҭаҿы иаԥырҟәҟәаауп УАМ аруаа ржәыларақәа ҩба, иҭархоуп 100-ҩык украинатәи аибашьцәа, акәылӡмашьынақәа ҩба, автомашьынақәа хԥа, артиллериатә шьақәгыла "Krab", ҩ-гаубицак Д-30.
Алада-Донецктәи ахырхарҭаҿы иаԥырҟәҟәаауп УАМ аруаа ржәыларақәа хԥа, даҽа хԥа – Запорожиатәи ахырхарҭаҿгьы. 23-тәи, 33-тәи амеханизациа зызуу абригадақәа рџьаԥҳанышьҭаҵарҭақәа хԥа ԥжәоуп, иҭархоуп 200-ҩык рҟынӡа аибашьцәа, атанк, акәылӡмашьынақәа ҩба, апикапқәа ԥшьба, агаубица "МСТА-Б", апушка Д-44.
Херсонтәи ахырхарҭаҿы иҭархоуп 50-ҩык украинатәи аибашьцәа, 4 пикапк, ҩ-гаубицак "МСТА-Б", артиллериатә шьақәгыла "Акациа".
Аоператив-тактикатә авиациеи, аракетатә ари, артиллериеи УАМ артиллериа аҟәшақәа 89 ааха рырҭеит 98 раион рҿы. ПВО ахархәагақәа уахыки-ҽнаки рыҩнуҵҟа ааха рырҭеит HIMARS ареактивтә хгәыцәқәа хԥа, аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 43.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәылатәи аруаа Донецктәи ахырхарҭаҟны украинатәи аџьаԥҳанышьҭаҵарҭақәа ҩба ԥыржәеит