Аԥсны

Аслан Бжьаниа мышкы ҳәа Нальчикҟа усутә ныҟәарала дцеит

Нальчик ԥхынгәы 18 - 21 рзы имҩаԥысуеит Жәларбжьаратәи атурист-патриоттә ҿартә форум "Иаку Кавказ".
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 20 - Sputnik. Аслан Бжьаниа мышкы ҳәа Нальчикҟа дцеит Жәларбжьаратәи атурист-патриоттә ҿартә форум "Иаку Кавказ" апроекттә сессиа аҽалархәразы.
Афорум хықәкы хадас иамоуп атәылауаҩра-патриоттәи ауаажәларраҿы хәарҭара заушеи аҿартә туризм аусхк аҟны апроектқәа реиҿкаара, амилаҭбжьаратәи аконфессиабжьаратәи еинырра арӷәӷәара, Кавказ ажәларқәа ракзаара аконцепциа аус адулара.
Афорум апрограммаҿы иҟалоит еиуеиԥшым ахырхарҭақәа ирыҵаркуа арҵаратә ҭыԥқәа, атурист-еилкааратә хәҭа.