2023 шықәса фымз рыҩнуҵҟа Гәылрыԥшь араион аҿы алашараз аизгақәа 23% дыртәеит. Зынӡа 21,1 миллион мааҭ еизгоуп иахыԥхьаӡалатәыз 91,3 миллион мааҭ рцынхәрас. Аунитартә наплакы "Амшынеиқәафымцамч" Гәылрыԥшь араионтә ҟәша аиҳабы Зураб Ханагәуа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит ишьақәгылаз аҭагылазаашьа зыхҟьаз, насгьы ауааԥсыра алашара ахә ахыршәааларцаз имҩаԥырго аусурақәа ртәы.
Иааиуа амзқәа рзы аҭагылазаашьа еиӷьхоит, ауаа рҿы ҳнеиуеит ҳрацәажәоит ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Ханагәуа.
"Араион аҿы аԥара еидкыланы ианыршәо иаҳа ирацәоуп, уи ак анырҭиилак ашьҭахь, аарыхрак аныҟоу. Иззыԥшу ыҟоуп. Сара исымбац ауаа зынӡа иаҳшәаӡом зҳәо. Ирыгқәо аныҟаҳҵо ашьҭахь ҳрацәажәоит, еиҭа ирҭаху еилаҳкаауеит, ари зегьы алҵшәақәа аанашьҭуеит аԥара ахшәаара аганахьала", - иҳәеит Ханагәуа.
Ауалқәа ртәы далацәажәо, иҳәеит уи шықәсыла еизаз шракәу, хәыҷы-хәыҷла ашәара иаҿу ыҟоуп, уи убарҭоуп ҳәа азгәеиҭеит иара.
"Аԥхьаӡақәа ықәыргылан, ирымшәалар, харантәи идырцәалоит. Убысҟан ауаҩы ишәар акәхоит. Ателефон аҿы аԥара анынҵәалак иҭарҵоит, аха алашара атәы макьана иамышьцылацт. Ажәытәла аҟәшәара ҳаҿуп, уи иашам ҳәа сгәы иаанагоит. Иахьа уажәраанӡа ҳаиасыр акәын", - иҳәеит Ханагәуа.
Инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.