АҞӘА, ԥхынгәы 20 – Sputnik. 2023 шықәса актәи азыбжазы Урыстәылеи Аԥсни рҳәааҟны ауаа рымҩасра 10-15% еиҳахеит.
Урыстәылаа еиҳа иалыркаауа ҭыԥқәоуп: Аԥсны, Ҭырқәтәыла, Ҟазахстан, ОАЕ, Таиланд, Египет. Абри атәы РИА Новости иазеиҭеиҳәеит атуриндустриа Урыстәылатәи аидгыла ахада Илиа Умански.
"Ашықәс актәи азыбжазы еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рахь ԥсшьара ҳәа ицеит 4 миллионҩык атуристцәа (атуроператортә цхыраарала - аред.). Сынтәа Аԥсны аламҵакәа атәыла анҭыҵҟа 9 миллионҩык атуристцәа цоит ҳәа ҳақәгәыӷуеит", – иҳәеит Умански.
Аексперт ихәшьарақәа рыла аԥхынтәи асезон ахымз рыла аҳәаанырцә 5 миллионҩык рыԥсы ршьараны иҟоуп, урҭ рҟынтәи Ҭырқәтәыла – 3 миллионҩык.