Наталиа абжьаратә школ аиҵбыратәи аклассқәа рҟны аҵара анылҵоз амсырҭҵааҩыс (египтолог-аред.) дҟалар лҭахын, аха аиҳабыратә классқәа рҟны илыӡбеит атеатралтә институт дҭаларц. Уи ашықәсан МХАТ дызҭамлеит, аха шықәск ашьҭахь Днепропетровсктәи атеатралтә ҵараиурҭа дҭалоит.
Днепропетровсктәи атеатралтә ҵараиурҭаҟны аҵараҵара уадаҩын: уахгьы-ҽынгьы аҽазыҟаҵарақәа, атекстқәа рҵара. Папасқьыр лҵара анхлыркәша Аԥсныҟа дааит- днепропетровсктәи актиорцәа рдимломтә усумҭа иахәаԥшуан Ақәыԥшцәа ртеатр арежиссиорцәа Михаил Мархолиеи Иван Царгәыши, дара роуп Аԥсныҟа ааԥхьара лызҭаз.
Наталиа раԥхьатәи ихадаз лроль налыгӡеит "Аленьки цветочек" аҟны. 1991 шықәсазы Ақәыԥшцәа ртеатр Аурыс драматә театр ҳәа еиҿкаан. Наталиа атеатр аанылмыжьӡеит, уи анапхгаҩы Нина Балаевеи лареи аҭыԥантәи ахәыҷқәа адыԥхьаланы атруппа еиҿыркааит, актриса акыр шықәса асценатә цәажәашьа длырҵон.
Актриса лажәақәа рыла, иналыгӡо арольқәа зегьы бзиа илбоит, ажанрқәа рҟынтәи акгьы алылкааӡом. Иахьазы, Папасқьыр РУСДРАМ иқәнаргылаз жә-спектакльк рҟны дыхәмаруеит.