АҞӘА, ԥхынгәы 21 - Sputnik. "Князь Владимир" ала Аҟәаҟа иаауа атуристцәа нанҳәа 3 инаркны акциа рзеиҿкаахоит.
Акруиз аамҭа хәыда-ԥсада даҽа ҩымш иацҵахоит, анхареи хынтәтәи акрыфарачареи алаҵаны. Уажәшьҭа иааидкыланы акруиз аамҭа бжьымш ицоит.
"Князь Владимир" раԥхьаӡа акәны Аҟәаҟа иааит 2020 шықәсазы, аха акоронавирустә пандемиа иахырҟьаны анаҩстәи акруиз зыҟамлеит. Сынтәа актәи атуристтә реис мҩаԥган рашәара 30 рзы.