Арадио

Еицырдыруа ахьыӡқәа: Габниа артист Томас Кәакәасқьыр изкны

Sputnik
Акинофильм "Хҭырԥа шкәакәа" аҿы Ҳаџьараҭ Кьахьба ироль назыгӡаз Аԥсны Жәлар рартист Томас Кәакәасқьыр диижьҭеи 80 шықәса ҵит. Арадио Sputnik аефир аҟны ашәаҳәаҩ, акәашаҩ, акиноактиор дигәалаиршәеит Бзыԥҭа ақыҭа ицалҵыз, аус еицызуаз Аԥсуа драматә театр актиор, Жәлар рартист Сергеи Габниа.
"Томас схаҿы аҩыза бзиа, ақәла бзиа ҳәа даанхеит... Аибашьра аан, еибашьҩык еиԥш ихы бзианы иааирԥшит, дызлаз агәыԥ зегьы иара ҿырԥшыгас дрыман, ргәы шьҭихуан, бираҟк даҩызан", - иҳәеит Габниа
Иара иазгәеиҭеит Томас Кәакәасқьыр еиԥш Кьахьба Хаџьараҭ ихаҿсахьа акиносахьа "Хҭырԥа шкәакәа" аҿы ианаалоз дыҟамызт ҳәа.
"Изҭахымдаз Кьахьба Ҳаџьараҭ ироль ахәмарра, аха зегьы лахьынҵак-лахьынҵак рымоуп, иара илахьынҵахеит ари ароль аҟны иԥышәа аарԥшра... Иҵашьыцуазгьы рацәаҩхеит, иара дақәнаганы дақәшәеит, ихаҿсахьагьы бзианы иааирԥшит. Томас ари ароль данымаалеит ҳәа зҳәаз аӡә дыҟоуп ҳәа сыҟам", - иҳәеит Габниа.
Аԥсны Жәлар рартист Томас Кәакәасқьыр аԥсадгьыл ахьчаразы арратә уалԥшьақәа рынагӡараан дҭахеит ажьырныҳәамза 1994 шықәсазы Гал араион аҟны.
Инеиҵыхны аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы хыхь.