Сынтәа Аҟәатәи аҳәынҭқарратә индустриалтә коллеџь 45-ҩык астудентцәа алгеит, урҭ рахьынтә ҩыџьа адиплом ҟаԥшьқәа рыла. Аушьҭымҭацәа сынтәа аколлеџь аҟны иҟоу ахырхарҭақәа хԥа рыла рҵара хдыркәшеит: аекономикеи аҳасабеилыргаратә ҳасаббареи, амашьына амаҵзура, асасааирҭа ауси асервиси. Сынтәатәи аушьҭымҭацәа рҟынтәи жәаҩык инареиҳаны иреиҳаӡоу аҵараиурҭақәа иҭаларц ргәы иҭоуп лҳәеит Габлиаԥҳа.
"Абжьааԥынгьы иҭалон, аха сынтәа иреиҳау аҵарақәа ирҭалар зҭаху рацәаҩхеит. Иалгаз егьырҭ ашықәсқәа раасҭа иаҳа имаҷуп, избанзар 52-60-ҩык иреиҳангьы ианалгоз ыҟан. Сынтәа иаҳа имаҷны иалгазаргьы, аҵара бзианы изҵоз иаҳа ирацәаҩын", - лҳәеит Габниаԥҳа.
Аҟәатәи аҳәынҭқарратә индустриалтә коллеџь аиҳабы еиҭалҳәеит аҵаразы иара убас апрактиказы иарбан ҭагылазаашьақәоу ирзаԥҵоу аҵараиурҭа иҭало, иарбан занааҭқәоу ҿыц иалагалоу аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.