АҞӘА, ԥхынгәы 22 - Sputnik. Гагра нанҳәамзазы аԥсшьаразы иалыркаауа ахырхарҭақәа ирылашәеит ҳәа азгәанаҭоит амаҵзура Tvil.ru.
Иара убас иалкаау х-хырхарҭак иарбоуп Краснодартәи атәылаҿацәи Ҟрыми.
Нанҳәамзазы урыстәылауаа аԥшьсаразы ицоит Калининградтәи аобласти Кавказтәи аминералтә ӡқәеи рахь.
Бжьаратәла асасааирҭақәа 4 нызқь мааҭ, бжьаратәла аԥсшьаразы аамҭахҵәа- мчыбжьык.
Нанҳәамзазы аԥсшьара ахьыргәаԥхо ахырхарҭақәа жәаба:
Ақалақь | Уахыктәи аԥсшьараз абжьаратә хәыԥса | Абжьаратә ԥсшьараамҭа |
Шәача | 4195 | 9 у/ҽ |
Анапа | 3868 | 9 у/ҽ |
Санкт-Петербург | 4431 | 5 у/ҽ |
Иалта | 4568 | 8 у/ҽ |
Гагра | 4331 | 8 у/ҽ |
Москва | 3498 | 5 у/ҽ |
Казань | 4341 | 4 у/ҽ |
Калининград | 3232 | 6 у/ҽ |
Кисловодск | 3246 | 7 у/ҽ |
Зеленоградск | 5950 | 7 у/ҽ |
Асиа еиқәыршәоуп асасааирҭақәеи ауадақәеи заанаҵы рҿаҵаразы урыстәылатәи амаҵзура Tvil.ru адыррақәа рыла.