АҞӘА, ԥхынгәы 22 - Sputnik. Ҟрымтәи ацҳаҿы амашьынақәа рныҟәара аамҭала иаанкылоуп, абри атәы аанацҳауеит Ҟрымтәи ацҳаҟны иҟоу аҭагылазаашьа аилкааразы иаԥҵоу телеграм-канал.
"Ҟрымтәи ацҳаҿы амашьынақәа рныҟәара аамҭала иаанкылоуп", - азгәаҭоуп адырраҭараҟны.
Ацҳаҟны агәаҭаратә ҭыԥ иҭалахьоу ауааԥсыра атранспортә шәарҭадара аусзуҩцәа рабжьгарақәа ирықәнаҟәаларц рабжьаргоит.