АҞӘА, ԥхынгәы 22 - Sputnik. Ҟрымтәи ацҳаҿы автомашьынақәа рныҟәара еиҭахацыркхеит, абри атәы аанацҳауеит Ҟрымтәи ацҳаҟны иҟоу аҭагылазаашьа аилкааразы иаԥҵоу телеграм-канал.
Ҟрым ахада Сергеи Аксионов иажәақәа рыла, аӷа игәҭакын аинфраструктуратә хыбрақәа БПЛА рыла дажәларц.
"Ҟрым ареспублика Красногвардеитәи араион аҟны иҟоу аинфраструктуратә хыбрақәа БПЛА рыла дажәларц игәҭакын аӷа. Урыстәыла АҶА аусзуҩцәа аҭыԥаҟны иҟоуп. Амаҵзура ҷыдақәа зегьы аус руеит", - иҳәеит Аксионов.