Урыстәыла

Ҟәбина амшцәгьақәа ҟалоит ҳәа ауаа ргәы рҽанырҵоит

Арегион аҿы ақәаршҩы, адыд-мацәыс, акырцх, аԥшатлакә ҟалоит ҳәа азԥхьагәарҭоит.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 23 - Sputnik. Аҳауагәаҭаҩцәа Краснодартәи атәылаҿацә аҿы ақәыршҩы, аԥшатлакә ҟалоит ҳәа азԥхьагәарҭоит, иара убас аӡиасқәа хыҵыр рылшоит ҳәа агәаанагара ыҟоуп. Ауаа ргәы рҽанырҵоит ԥхынгәы 24 рҟынӡа амшцәгьақәа шыҟало, абри атәы аанацҳауеит арегион аҿы иҟоу АҶА аҟәша.
"Ԥхынгәы 23 ауха, ԥхынгәы 24 аҽны зегьы атәылаҿацә ахәҭақәак рҟны аҳауаҽеиҭакрақәа акыр мҩаԥысуеит: ақәаршҩы, адыд-мацәыс, акырцх, 20-23 метра секундк ала зымчхара ыҟоу аԥшатлакә", - ҳәа аанацҳауеит адырраҭара.
Аиқәырхаҩцәа арегион аҿы инхо ауаа рахь аҳәара ҟарҵоит ргәы рҽанызарц, амшцәгьақәа раан ахымҩаԥгашьа аԥҟарақәа ирықәныҟәаларц.