Есышықәса асезон аламҭалаз аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥаагоит, атурфирмақәа рахь аӡыргарақәа ҳашьҭуеит, аԥсшьаҩцәа ҳшырзыԥшу атәы адырра ҟаҳҵоит лҳәеит Салаҟаиаԥҳа.
"Аҭагылазаашьа иаҳнарбоит есышықәса иаҳа-иаҳа аԥсшьаҩцәа иаауа шеиҵахо. Ԥырхагас иҟоу амҩа аҭагылазаашьоуп. Уи атәы рҳәоит афирмақәа. Амҩа хеит, ҳхатәы мчқәа азхаӡом уи аҟаҵаразы. Уи анаҩс, афирмақәа зегьы рҿы аԥсшьаҩцәа зҭаауа хырхарҭаны ҳаҟам, абжьгара ҳасабала абӷьыц аҿы ҳануп. Уигьы иахьаныԥшуа ыҟоуп. Уи инаҷыданы, абилеҭ ахә иацлеит. Абжьааԥны инеиуа зфинанстә ҭагылазаашьа бжьаратәу роуп, ахә ацлара дара ирныԥшуеит. Ахә иацәшәо иалагеит", - лҳәеит Салаҟаиаԥҳа.
Инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы хыхь.