Арадио

Рекәаа акультура-спорттә фестиваль "Абаза" азы: аибадырра, аибабара иазырхоуп

Ҟарачы-Черқьесиа имҩаԥысуа акультура-спорттә фестиваль "Абаза" сынтәа Аԥснынтә иалахәу, уи аԥсуа-абаза жәлар реимадара аҿиаразы инанагӡо ахықәкы атәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аҟәатәи аофис аиҳабы Ҭемыр Рекәаа.
Sputnik
Сынтәа Ахәмаррақәа ирҭыԥхеит Абаза араион аҿы иҟоу Ԥсыж ақыҭа. Абаза-аԥсуа етнос аҿиара ацхраараз Ассоциациа "Алашара" сынтәа иахыҵуеит 10 шықәса. Уи инамаданы еиҿкаахоит аиԥыларақәа, астол гьыжьқәа, дара ирылахәуп адунеи зегьы рҟнытә аԥсуа-абаза хылҵшьҭрақәа рхаҭарнакцәа иҳәеит Рекәаа.
Аспорт хәмаррақәа хацыркын ԥхынгәы 22 рзы. Иҳәатәуп, ԥхынгәы 23 рзы Аԥсны абираҟ ишамшугьы, арҭ аҩныҳәак мҽхакы ҭбаала иазгәаҭахоит уаҟа иҳәеит Рекәаа.
"Аԥснынтә аделегациа 50-ҩык иреиҳауп. Урҭ рахьынтә 45-ҩык рҟынӡа спортсменцәоуп. Ари аспорттә фестивальуп, аха аҵакы хада аибабара, аимадара, аибадырра ауп. Иҟан ас еиԥш аибадыррақәа ианырхылҿиаауаз аҭаацәара ҿыцқәа", – азгәеиҭеит Рекәаа.
Инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.