АҞӘА, ԥхынгәы 24 – Sputnik. "1992-1993 шш. рзтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьреи Аԥсны аҵакыраҿы аибашьратә хҭысқәеи рветеранцәа рзы" азакәан аҿы иарбоуп аилкаара - Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит амилаҭтә шәарҭадареи атәылахьчареи рызҵаарақәа рзы Аԥсны ахада иабжьгаҩ Рауль Лолуа.
"Ари аҵакы амоуп. Адокумент аҿы иарбахоит Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра захьӡу, аибашьра аветеран ҳәа иԥхьаӡатәу. Еихшахеит атыл аветерани (уаанӡа иарбамыз, жәпакы азҵаара цәырызгоз) аибашьра аветерани. Атыл аветеранцәа рахь иаҵанакуеит аибашьра иазааԥсоз: амедусзуҩцәа, аимадаҩцәа, ателеусзуҩцәа (урҭ атыл аҿеиԥш аибашьра адәаҟынгьы иҟан). Иара убасгьы ишьақәырӷәӷәоуп аилкаара - Аԥсны жәлар реибашьра аинвалиди аибашьартә хҭысқәа ринвалиди", - иҳәеит иара.
Ирыдыркылаз азакәанқәа иара убасгьы иҳәаақәырҵоит аилкаара – хатәгәаԥхарала еибашьуаз, иазԥхьагәарҭоит аибашьра аветеранцәа рсоциалтә еиқәыршәара. Арахь иаҵанакуеит атәанчахәқәеи ашәарақәеи рыдагьы аррахәышәтәырҭаҿы ашьҭаҵара.
"Аветеранцәа рхыԥхьаӡара еиҳа-еиҳа имаҷхоит, ачымазарақәа ракәзар - еиҳа-еиҳа ирылаҽуеит. Аҳәынҭқарра Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа ацхыраара рынаҭалароуп. Асоциалтә дгылара аҟаҵара акыр иалацәажәан, аиҳабырагьы алархәны. Имаҷым аус зуа апрограммақәа. Иаҳҳәап, Аинвалидцәа рфонд ацхыраара ҟанаҵоит, афинанстә цхыраарагьы налаҵаны. Ахадеи Аминистрцәа реилазаареи рфондқәагьы иара убас ацхыраара ҟарҵоит", - иҳәеит Лолуа.
Азакәанԥҵара ҿыц иазԥхьагәанаҭоит акоммуналтә маҵзурақәа рзыҟаҵараан аинвалидцәа рзы альготақәа. Аветеранцәа зегьы ахархәара зҭоу алашара ахәшәараан 30% ршәалоит ҳәа иҳәеит ахада иабжьгаҩ. Иазԥхьагәаҭоуп иара убасгьы анхарҭаҭыԥ анрырҭо ахәԥса 50% ала ашәара.