Аԥсны

Бжьаниа аҵарауааи аҟазауааи дырԥылеит

Атәыла ахада инаҵшьны иҳәеит аҳәынҭқарреи ауаажәларреи рдиалог дшадгылоу.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 24 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа аԥснытәи аинтеллигенциа ахаҭарнакцәа - аҵарауааи аҟазауааи - дырԥылеит, абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
"Арҭ рҩызцәа аиԥыларақәа еснагь алҵшәа рымоуп. Актуалтә зҵаарақәа рзы, ҳтәылаҿы имҩаԥысуа ахҭысқәа рзы шәара шәгәаанагара, шәабжьгарақәа даара рҵакы дууп", - иҳәеит ахада.
Аҳәынҭқарра ахада изеиҭарҳәеит академиатә усхкы аҟны иҟоу ауадаҩрақәа ртәи урҭ рыӡбашьас ирбои. Бжьаниа ихәҭаахьала ирзеиҭеиҳәеит атәыла аԥсҭазаараҿы иҟоу аусқәа ртәы.
Аганқәа еиуеиԥшым актуалтә зҵаарақәа ирыхцәажәеит.