Аԥсны

Гагреи Очамчыреи араионқәа рынхацәа рганахьала ашьаусқәа хацыркуп

Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 24 - Sputnik. Ашьаусқәа хацыркуп изакәанымкәа анаркотик злоу аҵиаақәа раарыхразы, абри атәы аанацҳауеит АҩАР апресс-маҵзура.
Гагра араион анхаҩы Каро Мумџьан аныцә ааирыхуан Лӡаа ақыҭан иуҭраҿы. выращивал Амилициа аусзуҩцәа уи рбан, ашьапқәа ыҵырхит.
Мумџьан иганахьала ашьаус хацыркуп Ашьаустә закәанеидкыла ахәҭаҷ 228 ахәҭа 1 ала.
Очамчыра араион Ӷәада ақыҭан Мурман Ҭодуа идгьыл аҿы аныцә рацәаны ирбеит.
Ҭодуа иганахьала ашьаус хацыркуп Ашьаустә закәанеидкыла ахәҭаҷ 228 ахәҭа 2 ала.