Урыстәыла

Кремль аҿы ирҳәеит адронқәа Москва ражәларазы Урыстәыла аҭак шыҟанаҵо

Ԥхынгәы 24, ашьыжь асааҭ ԥшьба рзы аԥрыгақәа Москва уаҩ дызхымыз ахыбрақәа ҩба ирыжәлеит, аха ԥырхага ҟамлеит.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 24 – Sputnik. Аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа рыла Москва ажәлара аҭак аҭара арратә операциа ҷыда ахықәкқәа иреиуахоит ҳәа ажурналистцәа ирзеиҭеиҳәеит атәыла ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Дмитри Песков.
"Арратә операциа ҷыда иацаҳҵоит, уи ахықәкқәа зегьы нагӡахаанӡа имҩаԥыслоит", - иҳәеит Песков, Украина аобиектқәа рганахьала Урыстәыла ҭакк ҟанаҵарыма ҳәа ирҭаз азҵаара аҭакс.
Уаанӡа Москва ахада Сергеи Собианин иҳәахьан ашьыжь асааҭ ԥшьба рзы аԥрыгақәа уаҩ дызхымыз ахыбрақәа ҩба ирыжәлеит, аха ԥырхага ҟамлеит ҳәа.
Украинатәи арежим аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа ҩба рыла атеррористтә акт амҩаԥгара аҽазнашәеит. Атәылахьчара аминистрра ишаанацҳаз ала, Урыстәылатәи аруаа Москва атеракт аԥдырҟәҟәааит, аӡәгьы ԥырхага имоуит. Атранспорт адепартамент аҿы уаанӡа ирҳәеит Комсомольски проспект ахәҭак аҿы аныҟәара аанкылоуп ҳәа.
Аԥсны
Урыстәылатәи аруаа иаԥдырҟәҟәааит Украина Москва имҩаԥнагарц иаҭахыз атеракт