Аԥсны

Путин ацифратә мааҭ аларҵәаразы азакәан инапы аҵеиҩит

Азакәан амчра аиуеит 2023 шықәса нанҳәа 1 инаркны, даҽа ҿҳәарак зҭаху уи иагәылоу ԥҟарақәак 2024 шықәса нанҳәа 1 инаркны амч роуеит.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 24 – Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин ацифратә мааҭ азы азинқәа рышьҭрақәлареи ауасиаҭныжьреи азԥхьагәазҭо Атәылауаҩратә закәанеидкылахь ариашарақәа рзы азакәан инапы аҵеиҩит. Абри атәы арбоуп азинтә информациа аофициалтә портал аҿы ицәыргоу адокумент аҿы.
Азакәан инақәыршәаны ацифратә мааҭқәа инапынҵадоу ԥаратә хархәаганы иԥхьаӡоуп. Дара рзы азинқәа шьҭрақәларала иуоур ҟалоит, иара убасгьы – уасиаҭныжьрала. Уи амҩаԥгашьа аԥҟара ҳәаақәнаҵоит атәыла аиҳабыра Абанк хада ақәшаҳаҭрала.
Ацифратә мааҭқәа рыла аԥарашәара ҟалоит ацифратә мааҭ аплатформа аҳәаақәа ирҭагӡаны, амилаҭтә ԥарашәаратә системаз азакәанԥҵара инақәыршәаны.
Ашьҭарқәлаҩцәа рзы азакәан азин ҟанаҵоит ацифратә мааҭқәа изышьҭрақәлаҩцәоу рыԥхьаӡамҭақәа рҟынтә ироурц иара иԥсыжраз, изышьҭрақәлаҩу ибанктә ԥхьаӡамҭақәа рҟынтәи аԥараиура алзыршо аԥҟара иашьаршәаланы.
Ашьҭрақәлаҩ, ацифратә мааҭқәа зызныжьу (уасиаҭлагьы), фымз рыҩнуҵҟа ианааиҭахха дзышьҭрақәлаҩу иԥсыжратә харџьқәа рзы ихымԥадатәиу аԥара иԥхьаӡамҭаҟынтә иоур алшоит.