Аԥсны

Ҟрым 17 дрон ржәылара аԥырҟәҟәаауп

Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 24 - Sputnik. Киев аҽазнашәеит Ҟрым аобиектқәа аԥырҩы дызҭам аҳаирпланқәа 17 рыла иажәларц, аха дара зегьы арадиоелектронтә ҿагылареи аҳауаҿагыларатәи хархәагақәа рыла иҭархан ҳәа аанацҳауеит Урыстәылатәи Афедерациа Атәылахьчара аминистрра.
"Ԥхынгәы 24 ауха Ҟрым 17 дрон рыла киевтәи арежим имҩаԥнагаз ажәылара аԥырҟәҟәаауп. Украинатәи аԥырҩы дызҭам аҳаирпланқәа 14 арадиоелектронтә ҿагылара ахархәагақәа икарыжьит, урҭ рҟынтәи 11 Амшын еиқәа аӡыҵакыра иҭаҳаит. Егьырҭ хԥа адгьылбжьаха аҵакыраҿы икаҳаит. Аӡәгьы ԥырхага имоуит", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.
Ҟрым ахада Сергеи Аксионов адырра ҟаиҵеит Џьанкоитәи араион аҿы урҭ руак аџьаԥҳанышьҭаҵарҭа ишаахаз. Уажәазы аоперативтә штаб ауаа рҭыԥ рахыгара еиҿнакаауеит.
Аԥсны
Урыстәылатәи аруаа иаԥдырҟәҟәааит Украина Москва имҩаԥнагарц иаҭахыз атеракт