Арадио

Сабуа амшын аҿы аԥҟарақәа еилазго рахьырхәразы: асахьа ма авидео аҭахуп

Sputnik
Аплиажқәа аӡҭалара ишахәҭоу иазыҟаҵамзар, араионқәа ахараԥса рыдҵахоит ҳәа алаҳәара изныкымкәа иҳаҳахьеит, уимоу, аԥҟара еилазгаз рахьырхәразы, агәаҭара ашьҭахь араион ахадарақәа ахараԥса шрыдҵаз официалла амассатә информациа ахархәагақәа рҟны ирҳәахьеит. Иабанӡаныԥши ари аҭагылазаашьа, иахьырхәыз араионқәа идырҽеима аус, амшын иху зышәагаа маҷу атранспорт иахылаԥшуада, ауааԥсыра рыԥсшьара иаԥырхагамхарц азы игәазҭода, ус еиԥш аилагарақәа раан иҟаҵатәу атәы арадио Sputnik аефир аҟны далацәажәеит Зышәагаа маҷу аӷбақәа рзы АҶА агәаҭаратә маҵзура аиҳабы Ҭенгиз Сабуа.
Иара иазгәеиҭеит Гагра, Гәдоуҭа, Пицунда ақалақьқәа убасгьы Цандрыԥшь аҳабла амшын ҟәарақәа шазхиамыз аӡҭаларазы, ахараԥсақәа дыршәан. Сабуа иҳәеит аӡҭаларазы аҟәара азырхиара аԥҟарақәа зегьы ишахәҭоу иҟарымҵаргьы, ахәҭаҷқәа реиҳарак нарыгӡоит ҳәа агәыӷра шимоу.
"Ахараԥса ршәеит, иаҿуп аҟәарақәа разырхиара. Ишахәҭоу апунктқәа зегьы рзыҟамҵаргьы, аиҳарак ҟарҵап ҳәа сгәы иаанагоит. Қалақьцыԥхьаӡа ҳинспекторцәа ыҟоуп, дара ирҳәеит аҟәарақәа рҿы аусқәа мҩаԥыргоит ҳәа. Уажәы еиҭа аамҭак раҳҭеит, аха аԥхын азбжа цахьеит. Ажәахә азырхианы Аԥсны ахада иҟынӡагьы инаҳгахьеит, убри азы иаҳа лҵшәак аиуит ҳәа сгәы иаанагоит", - иҳәеит Сабуа.
Иара иажәақәа рыла, иҟоуп ҩынтә-хынтә рмаҵзурахьы ауаа анырзасуа амшын иху еиуеиԥшым аӡсагақәа иахьдыргәамҵуа аҟынтә.
"Ауаа рҽахьыркәабо амшын аҟны агидроциклқәа, аӷба маҷқәа гьежьуа ишықәу ҳарҳәоит. Ҳара урҭ ахараԥса рықәаҳҵарц азы лабҿаба иаҳбароуп. Убри аҟынтәи ираҳҳәоит ҭелла асахьа, ма авидеонҵамҭа ҟарҵарц. Ҳара уа аҭыԥаҟны ҳнеиаанӡа аамҭа цоит, иара дыбналар илшоит. Ҳаӷбақәа рыла мамзаргьы аҳәаахьчаҩцәа рыӷбала агәаҭара анымҩаԥааго, урҭ аӡсагатә ӷба маҷқәа иахәҭоу шәҟәыла еиқәшәоуп, аԥҟарақәагьы еиларгаӡом, избанзар ахараԥса 18 нызқь мааҭ рҟынӡа ашәара шрықәшәо рдыруеит… Ҟәарацыԥҳьаӡа аԥсеиқәырхаҩ дамазароуп, убри ибароуп аӡҳәаагақәа ирхысны ауаа ирԥырхагоу еиуеиԥшым аӡсагақәа. Аӷба маҷқәа рномерқәа, урҭ рыԥшәмацәа рҭелқәа зегьы ҳзануп. Асахьа анҳарҭалак, ишахәҭоу ҳрацәажәоит, ахараԥса рықәаҳҵоит", - иҳәеит Сабуа.
Убри аан иара иазгәеиҭеит амшын аҟны аԥҟарақәа еилазго аӷба маҷқәа, еиуеиԥшым егьырҭ аӡасага ххқәа зхы иазырхәо рхыԥхьаӡара шырацәоу.
"Иҳазгәамҭо даара ирацәоуп, избанзар дара зегьынџьара иҟоуп, ирацәаҩхеит, ҳинспекторцәа ахьӡаӡом, қалақьцыԥхьаӡа аӡәык-ҩыџьак роуп иҳамоу. Ҳаихьӡаӡом урҭ (амшын аҟны еиуеиԥшым аӡсагақәа рыла аԥҟара еилазго - азгә.) раанкылара, ак ҟарҵазар азгәаҭара", - иҳәеит Сабуа.
Ҵыԥхи сынтәеи аӡҭаларазы амшын ҟәарақәа разыҟаҵашьа еиҿырԥшуа, Зышәагаа маҷу аӷбақәа рзы АҶА агәаҭаратә маҵзура аиҳабы иазгәеиҭеит сынтәа аҭагылазаашьа еиҳа еиӷьуп ҳәа, аха аӷба маҷқәа ирықәтәоу рхыԥхьаӡара иацлеит, урҭ рганахьала аилагарақәагьы ҟазҵо ыҟоуп.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.