Аԥсны

Урыстәылатәи аруаа иаԥдырҟәҟәааит Украина Москва имҩаԥнагарц иаҭахыз атеракт

Уаанӡа, ԥхынгәы 4 рзы аҳҭнықалақь арегион аҿы адронқәа хәба карыжьхьан. Ҩба - аиланхарҭа Валуево аҿы, дара адәаӡа иқәҳаит. Даҽакы карыжьит Кубинка араион аҿы. Уи адагьы ҩ-дронк Москва Ҿыц иахьаҵанакуа икажьын.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 24 - Sputnik. Украинатәи арежим аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа ҩба рыла атеррористтә акт амҩаԥгара аҽазнашәеит. Урыстәылатәи аруаа Москва атеракт аԥдырҟәҟәааит, аӡәгьы ԥырхага имоуит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
"Ԥхынгәы 24 ашьыжь киевтәи арежим атеррористтә акт амҩаԥгаразы иҟанаҵаз аҽазышәара аԥырҟәҟәаан. Аԥрыгақәа рзырхан Москва ақалақь аобиектқәа. Арадиоҿагыларатә хархәагақәа рала украинатәи аԥырҩы дызҭам аҳаирпланқәа кажьуп" ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.
Уаанӡа Москва ахада Сергеи Собианин иҳәахьан ашьыжь асааҭ ԥшьба рзы аԥрыгақәа уаҩ дызхымыз ахыбрақәа ҩба ирыжәлеит, аха ԥырхага ҟамлеит ҳәа.