Урыстәыла

Ҭырқәтәыла зымчхара 5,5 балл иҟаз адгьылҵысра ҟалеит

Адгьылҵысра иахҟьаны абгарақәеи аԥсҭбарақәеи аҭыԥ рымам.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 25 – Sputnik. Ҭырқәтәыла зымчхара 5,5 балл иҟаз адгьылҵысра ҟалеит аҩаша ашьыжь, 20 километра ақалақь Козан инацәхыкны (апровинциа Адан).
Адгьылҵысра иахҟьаны абгарақәеи аԥсҭбарақәеи аҭыԥ рымоуп ҳәа дырра ыҟам иҳәеит аԥсабаратә рыцҳарақәа рыхҟьаԥҟьақәа раԥыхразы Аусбарҭа аиҳабы Иунус Сезер.
Адгьылҵысра ахыҵхырҭа 11 километра адгьыл иагәылан.
"Уажәазы Адан адгьылҵысра иахҟьаны ԥырхага ыҟам. Аҭагылазаашьа ҳашьклаԥшлоит", - ҳәа иҩуеит Сезер Twitter аҿы.
Адантәи адгьылҵысра жәабран 6 рзтәи адгьылҵысра иашьҭанеихьоу зқьыла аиҭаҵысрақәа ирыҵанакуеит ҳәа иҳәеит ашәарҭарақәа реиҵатәразы AFAD аҟәша аиҳабы Орҳан Татар.