"Раԥхьа санаа аԥсышәала ҩажәак роуп издыруаз "иҭабуп", "абзеираз". Ҩымз -хымз аԥсшәеи аурысшәеи реилыхра саҿын, аурысшәа сыздыруамызт, аԥсшәа сзеилкаауамызт", - ҳәа иҳәоит Енгьын уи алаф алхуа.
Ҳџьынџьуаа рыԥсадгьыл ахь рырхынҳәра азҵаара атәы далацәажәо Енгьын иҳәеит, апроектқәа ыҟазар шахәҭоу, ауаа азҵаарақәа рацәаны ишрымоу. Ус иузадԥхьалоӡом, изықәгәыӷуа рдыруазароуп ҳәа азгәеиҭеит иара. Шәахәаԥш астудиаҟнытәи авидеонҵамҭа.