Урыстәыла

Лыԥсҭазаара далҵит ирландиатәи ашәаҳәаҩ Шинеид О'Коннор

Адунеи аҟны еицырдыруаз ашәаҳәаҩ лыԥсра зыхҟьаз еилкаам. Лара 56 шықәса лхыҵуан.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 26 – Sputnik. Лыԥсҭазаара далҵит ирландиатәи ашәаҳәаҩ Шинеид О'Коннор, абри атәы кьыԥхьуп агазеҭ Irish Times аҟны.
Адунеи аҟны еицырдыруаз ашәаҳәаҩ 56 шықәса лхыҵуан.
1990 шықәсазы Шинеид О'Коннор лальбом I Do Not Want What I Haven't Got азы иланаршьеит амузыкатә ҳамҭа "Грэмми", иара убри ашықәсан лашәа Nothing Compares 2 U иреиӷьу ҳәа иалкаан.
Ашәаҳәаҩ иааидкыланы илылшеит аҭыжьра астудиатә льбомқәа 10.