Арадио

Зхьышьҭра змырӡыз: Енгьын Ебжьноу Аԥсныҟа анхараҳәа дшаази, ара иҭыԥ шылихызи иазкны

Енгьын Ебжьноу раԥхьаӡа акәны Аԥсныҟа дшааз, анаҩс нхараҳәа аара шыиӡбаз, аԥсшәа шиҵаз, ҳџьынџьуаа рыԥсадгьыл ахь рырхынҳәра азҵаара ӡбашьас иамоу атәы дшахәаԥшуа арадио Sputnik апроект "Зхьышьҭра змырӡыз" аҿы еиҭеиҳәеит.
Sputnik
Енгьын раԥхьаӡа акәны Аԥсныҟа дааит ҩажәамш ҳәа 2007 шықәсазы. Анаҩс Аиааира амш 15 шықәса ахыҵраан дааит, убысҟан иӡбеит Аԥсны анхара. Хымз рышьҭахь игәҭакы наигӡеит.
"Ицәгьан аиҳабацәа рзы уи ахҭыс рыдкылара, аха хәыҷык амцгьы сҳәеит, фымз сцоит, зегь маншәаламхар схынҳәоит ҳәа расҳәеит. Аха даргьы ирдыруан уи ус шакәымыз", - ҳәа еиҭеиҳәеит Енгьын.
Енгьын Аԥсныҟа данаауаз 28 шықәса ихыҵуан. Актәи амш инаркны Аԥсны инхо Ебжьноуаа рнапаҿы сыҟоуп ҳәа иҳәеит иара.
"Раԥхьа Аԥсны санааи аԥсышәала ҩажәак роуп издыруаз "иҭабуп", "абзеираз". Ҩымз -хымз аԥсшәеи аурысшәеи реилыхра саҿын, аурысшәа сыздыруамызт, аԥсшәа сзеилкаауамызт", - ҳәа иҳәоит Енгьын уи алаф алхуа.
Ҳџьынџьуаа рыԥсадгьыл ахь рырхынҳәра азҵаара атәы далацәажәо Енгьын иҳәеит, апроектқәа ыҟазар шахәҭоу, ауаа азҵаарақәа рацәаны ишрымоу. Ус иузадыԥхьалаӡом, изықәгәыӷуа рдыруазароуп ҳәа инаҵишьит иара.